Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Иаанагозеи Иисус — деиқәырхаҩуп?

Иаанагозеи Иисус — деиқәырхаҩуп?

Абиблиа иану

 Иисус Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа иԥсҭазаара ахьрыхҭниҵаз абзоурала, аиқәырхарахь уназго амҩа рзааиртит (Матфеи 20:28). Убри аҟынтә Абиблиаҿы Иисус ихьӡҵоуп адунеи Аиқәырхаҩ (1 Иоанн 4:14, АдҾ). Иара убас уа иаҳәоит: «Дыҟам ари ажәҩан аҵаҟа даҽаӡәы, ауаа рзыҳәа абас иԥсеиқәырхагоу» (Аусқәа 4:12).

 Иисус «зегь ҿызхыз, ирхыԥсааз иакәхеит» иара иахь агәрахаҵара аазырԥшуа рзы (Ауриацәа рахь 2:9; Иоанн 3:16). Анаҩс «Анцәа Уи иԥсы ҭеиҵеит», насгьы Иисус доуҳатә хаҭараны ажәҩан ахь дхынҳәит (Аусқәа 3:15). Ажәҩан аҿы дахьыҟоу «Иара, еснагь зыԥсы ҭоу ибзоураны Анцәа дазхазҵо реиқәырхара, цҳаражәҳәаҩыс рзыҟалара имчуп» (Ауриацәа рахь 7:25).

Избан изхадоу Иисус ҳара ҳзы цҳаражәҳәаҩыс дыҟазарц?

 Ҳара зегьы агәнаҳа ҳаҵоуп (Римаа рахь 3:23). Агәнаҳа Анцәеи ҳареи ҳабжьара ибжьагылоу аҭӡамц иаҩызоуп, уи аԥсрахьы унанагоит (Римаа рахь 6:23). Аха Иисус Христос «Уи Иаб иҿаԥхьа ҳихьчоит», иара иԥсхҭынҵарахь агәрахаҵара аазырԥшуа дрыдгылоит (1 Иоанн 2:1). Иара Анцәа иҿаԥхьа цҳаражәҳәаҩыс дыҟоуп, диҳәоит ҳара ҳаҳәарақәа иирҳарц, ҳагәнаҳақәа ҳхихырц иԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны (Матфеи 1:21; Римаа рахь 8:34). Иисус иҳәарақәа Анцәа игәаԥхара иахьақәшәо аҟынтә, Иегова урҭ гәахәарыла идикылоит. Иара Иисус адгьыл ахь дааишьҭит «Иара ила аԥсабара еиқәхаразы» (Иоанн 3:17).

Иазхома Христос иахь агәрахаҵара аарԥшра мацара, аиқәырхара ҳаурц азы?

 Мап. Ҳәарада, аиқәырхара азы иахәҭоуп Христос иахь агәрахаҵара аарԥшра, аха уи мацара азхом (Аусқәа 16:30, 31). Абиблиаҿы иануп: «Убри аҟнытә, ижәдыруазааит, ԥсы зхам ацәеижь шыԥсу аиԥш, усла ишьақәырӷәӷәам агәрахаҵарагьы шыԥсу» (Иаков 2:26). Ҳаиқәхарц азы ҳара иҳахәҭоуп:

  •   Иисуси иара Иаб Иеговеи рдырра (Иоанн 17:3).

  •   Иеговеи Иисуси рахь агәрахаҵара арӷәӷәара (Иоанн 12:44; 14:1).

  •   Ҳагәрахаҵара ҳусқәа рыла ашьақәырӷәӷәара. Убри ала Анцәеи Иисуси рзакәан наҳагӡоит (Лука 6:46; 1 Иоанн 2:17). Иисус ауаа идирҵон, дарбанзаалак Иҳақәиҭу ҳәа иазҳәо дшеиқәымхо, аха еиқәхо «Жәҩан иҟоу Саб игәаҳәара назыгӡауа роуп» ҳәа (Матфеи 7:21).

  •   Агәрахаҵара аарԥшра ауадаҩрақәа шыҟоугьы. Иисус иҳәеит: «Аҵыхәтәанынӡа изычҳаз — ҿыххоит» (Матфеи 24:13).