Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Ихароума Анцәа ҳзықәшәо агәаҟрақәа?

Ихароума Анцәа ҳзықәшәо агәаҟрақәа?

Абиблиа иану

 Абиблиа еилыкка аҭак ҟанаҵоит «мап»! Анцәа игәҭакы инақәыршәаны ауаа гәаҟлар акәмызт. Иҟалаз уи ауп, раԥхьатәи ауаа — Адами Евеи — Анцәа инапхгара иаҿагыланы, ацәгьеи абзиеи закәу рхала ирыӡбалар рҭаххеит. Урҭ Анцәа ицәхьаҵит, убри аҟынтә агәаҟрақәа ирықәшәеит.

 Иахьа урҭ рхымҩаԥгашьа бааԥс ҳара анырра ҳнаҭоит. Аха уи иаанагаӡом, ҳзықәшәо агәаҟрақәа Анцәа иоуп изхароу ҳәа.

 Абиблиаҿы иаҳәоит: «Аԥышәараан аӡәгьы имҳәааит: „Сара Анцәа сԥишәоит“ ҳәа, избанзар Анцәа ацәгьарала дузԥышәом, иаргьы ацәгьарала аӡәгьы дԥишәом» (Иаков 1:13 АдҾ). Ауаа зегь агәаҟрақәа ирықәшәоит, Анцәа дыззыразугьы уахь иналаҵаны.